Урыстәыла ахада иалхрақәа

Еилагарада, ныҳәак еиԥш: Аԥсны Урыстәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысыз

Аԥсны араионқәа зегьы рҟны ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны 20:00 сааҭнӡа иаартын алхырҭатә ҭыԥқәа 30.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Амҽыша, хәажәкыра 17 рзы Аԥсны имҩаԥысуан Урыстәыла ахада иалхрақәа. Аамҭеихша инақәыршәаны алхырҭатә ҭыԥқәа аркын асааҭ 20:00 рзы.
Ашьыжь алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы аартын аамҭеихша инақәыршәаны. Атәыла ауааԥсыра шьыжьнаҵы алхырҭатә ҭыԥқәа ирҭааит. Агәаран иқәгылазгьы ҟалеит. Амш актәи ахәҭазы алхрақәа рахь инеиуаз аиҳабыратә абиԥара ракәзар, шьыбжьоншьҭахь аҿаргьы ртәылауаҩратә уалԥшьа анагӡаразы иааиуан.
Урыстәыла атәылауаҩра змоу ҳтәыла ауааԥсыра алхрақәа ныҳәак еиԥш иазнеит.
Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭара ихы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны аенергетикеи атранспорти рзы аминистр Џьансыхә Нанба, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Жәлар реизара адепутатцәа, Гәдоуҭа араион ахада ин.н. Рауль Лолуа, Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
Алхрақәа актәи амш азы урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭаҿы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада иалхраз аҽҳәараанӡатәи абжьыҭара ихы алаирхәит.
Иара убас Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аҿҳәараанӡатәи абжьыҭираан рыбжьқәа арҭеит ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа ахантәаҩы Абессалом Кәарҷиа, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Урыстәыла ахада иалхрақәа
21 Хәажәкыра, 16:32
Алхырҭатә ҭыԥқәа рҟны азинлеишәа хылаԥшра арҭоит 230-ҩык Аԥсны АҩАР аусзуҩцәа. Алхратә комиссиа ахаҭарнакцәеи ауаажәларреи рҟынтәи алхрақәа рылҵшәа иаԥырхагахаша аилагарақәа аҭыԥ рыман ҳәа адырра ыҟам.
Урыстәыла ахада иалхрақәа ахылаԥшразы анаԥшцәа раҳасабала Москва иҟоуп Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәеи Алхратә комиссиа алахәылацәеи.