АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин идиныҳәалеит Урыстәыла ахада иалхрақәа рҿы аиааира ахьигаз. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны иқәынхо ажәлар еицҿакны шәкандидатура иадгылеит, уи ҭоурыхлеи, доуҳалеи, культуралеи еибарку ҳаҩҳәынҭқаррак реиҩызареи русеицуреи ԥсахра шрықәым шьақәнарӷәӷәоит", – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бжьаниа Путин изеиӷьеишьеит аманшәалара, анасыԥ, ажәҩан цқьа, аизҳазыӷьара.