АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. НАТО иалоу атәылақәа ацхраауеит Қарҭ арратә лшарақәа рырӷәӷәареи "Қырҭтәыла аҵакыра акзаареи" ҳәа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ииҳәаз ажәа ахҳәаа азиуит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
"Акыр шықәса раахыс НАТО ацхыраарала қырҭтәылатәи арбџьармчқәа еизҳауеит. Ҳала ишабо активлаҵәҟьа имҩаԥысуеит ареваншисттә гәалаҟазаарақәа ахьхышхыҵәо атәыла бџьарла аиқәыршәара", - ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.
Ҭыжәба иажәақәа рыла, Столтенберг ишьақәирӷәӷәоит ЕАА, ЕЕ, НАТО шракәу Аԥсны ҭахызкаауа. Аусбарҭа жәлабжьаратәи ақәыӷәӷәара шаиуагьы, атәыла жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбааразы аусура иацнаҵоит.