АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсны иаиуаз асоциалтә фымцалашара нҵәеит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Гагәылиа.
Иара иазгәеиҭеит, анаплакы Урыстәыла Афедерациа аҟны ишаанахәаз афымцалашара, уи ҳаулоит асааҭ 21:00 - 07:00 рҟынӡа. Егьи абжьара ареспублика афымцалашара аиуеит ЕгрыГЕС аҟынтәи.
Убри аан афымцалашараз иалагалоу аԥкрақәа ԥсахрада иаанхоит Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы азымхара иахҟьаны.
"Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аӡы 60 метра ишазҳазгьы иазхаӡом. Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы секунк ала 110 кубометра аӡы иацло иалагароуп", – ҳәа иҳәеит Гагәылиа.