Аԥсны

Аслан Бжьаниа аусутә еиԥыларақәа рзы Москваҟа дцеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа аусутә еиԥыларақәа рзы дцеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Иахьа иара диԥылеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Антон Ваино. Ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицураз хра злоу азҵаарақәа. ⠀
Аслан Бжьаниа иара убас Урыстәыла ахада Иусбарҭеи Аиҳабыреи рҿы аиԥыларақәа азгәаҭан имоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.