Аԥсны

Аслан Бжьаниа Башкорҭосҭан ахада иирамш идиныҳәалеит

Башкорҭосҭан ахада Ради Хабиров диит хәажәкыра 20 1964 шықәсазы, иахьа 60 шықәса ихыҵит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Башкорҭосҭан ахада Ради Хабиров иирамш идиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Агәра згоит, ҳамчқәа еилаҵаны аԥхьаҟа еиуеиԥшым ахырхарҭқәа рыҟны аԥсуа-башкир усеицура аҿиара шаиуо", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Хабиров инапхгарала Башкорҭосҭан економикалеи социаллеи аҿиара амҩа ишану. Изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аԥхьаҟагьы аҳәынҭқарратә усқәа рыҟны аихьӡарақәа.
Аԥсны
Хабиров Аԥсни Башкортосҭани русеицура ахьалшо аусхкқәа дрылацәажәеит