Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атанк "Алиоша" акомандаҟаҵаҩ деиқәзырхаз аибашьҩы Агәымшәара аорден ианашьоуп

Александр Леваков акомандаҟаҵара ацҵара илшаны атанк аекипажи иареи Запорожиатәи ахырхарҭаҿы украинатәи аруаа ргәыԥ ршьаҟьеит, аӷа икәылӡтехникақәа ааба ҭадырхеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Атанк "Алиоша" акомандаҟаҵаҩ аграната атҟәацра дацәызыхьчаз ахатәгәаԥхаралатә еибашьҩы Агәымшәара аорден ианашьоуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Сергеи Соленов (иҷыдахьӡ "Колючий") аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәага атанк "Алиоша" акомандаҟаҵаҩ Александр Леваков аграната шиқәнажьуаз анибаҵәҟьа дхыҩиеит.
"Сара сырратә уалԥшьа насыгӡон. Леваковгьы иара убасҵәҟьа ҟаиҵон ҳәа агәра згоит. Иҟаз аҭагылазаашьаҿы Леваков дыхьчатәын", - ҳәа иҳәоит Соленов.
Соленов ифырхаҵаратә хымҩаԥгашьа иалҵшәаны Александр Леваков акомандаҟаҵара ацҵара илыршаны атанк аекипажи иареи Запорожиатәи ахырхарҭаҿы украинатәи аруаа ргәыԥ ршьаҟьеит, аӷа икәылӡтехникақәа ааба ҭадырхеит. Анаҩс 40 минуҭ амотохысцәа ргәыԥ рыхьчон.