Аԥсны

Мчымхарыла иԥсыз ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Мчымхарыла иԥсыз ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит Аҟәа Коӷониа имҩаду аҟны, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Апрокуратура хада аҟны.
Аҭыԥахь днеит апрокурор хада Адгәыр Агрба, уаҟа аус руеит аоператив-ҭҵааратә гәыԥ, агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.