Аԥсны

Аҟәа ақалақь иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп

Мчымхарыла иԥсыз ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит Аҟәа Коӷониа имҩаду аҟны хәажәкыра 20 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аҟәа апрокуратура Сергьегьиа Т.И. иганахьала ашьаус хацныркит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны апрокуратура хада.
Иара ауаҩшьреи, закәаншьаҭада абџьар аахәареи, аныҟәгареи, аҵәахреи рзы гәҩарас дрымоуп.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, хәажәкыра 20 рзы Аҟәа, Коӷониа имҩаду аҩны №37 азааигәара Сергьегьиа жәынтә Ханазариан А.С диеихсит, ахаҵа аҭыԥаҟны иԥсҭазаара далҵит.
Ацәгьоура зуз ҳәа зыгәҩара ыҟоу дахьыҟоу аҭыԥ аилкааразы аусурақәа мҩаԥыргоит.
Аԥсны
Мчымхарыла иԥсыз ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит Аҟәа