Аԥсны

Бжьаниа Путин дидышшылеит "Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны ауаа ахьҭахаз инамаданы

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Владимир Путин дидышшылеит "Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны ауаа ахьҭахаз инамаданы.
"Гәалсра дула сшәыдышшылоит. Аԥсуа жәлар рылахь еиқәуп, иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи ргәырҩа рыцеиҩыршоит", - ҳәа аҳәоит адышшыларатә шәҟәаҿы.
Иара убас Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра "Крокус Сити холл" иҟалаз атеракт инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
"Атеракт аиҿкааҩцәеи амҩаԥгаҩцәеи ирыхәҭоу иақәыршәатәуп. Адунеизегьтәи аилазаарақәа иҟалаз ахлымӡаах ахәшьара арҭароуп", - ҳәа рҳәеит адәныҟаполитикатә усбарҭаҟны.
Иҳамоу адыррақәа рыла атеракт анымҩаԥгаз аамҭазы аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа "Крокус сити холл" ахыбраҟны аӡәгьы дыҟамызт, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа.
"Ауниверситетқәеи ахеилакқәеи рҟны агәырӷьаратә уснагӡатә аҟны аԥсуаа рҟынтәи аӡәгьы дыҟамызт ҳәа ҳарҳәеит. Ус акәзаргьы аинформациа аидкылара ҳаҿуп. Ахәра зауз рхыԥхьаӡара иацлоит, иҟоу макьана иҳаздыруам", - иҳәеит Барганџьиа.
1 / 4

"Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт

2 / 4

"Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт

3 / 4

"Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт

4 / 4

"Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт


Москва "Крокус сити холл" идырым хҩык ауаа ахыбра иҩнахысит ахәаша хәажәкыра 22 рзы. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла "Крокус Сити Холл" аҟны имҩаԥгаз атеракт иахҟьаны 40-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, шәҩык ахәрақәа роуит.
Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ахҭыс азы ашьаус хацнаркит.
Урыстәыла
"Крокус сити холл" аҟны ахысра: иалкаау