Аԥсны

Шамба "Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдышшылеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба "Крокус сити холл" имҩаԥгаз атеракт аҟны иҭахаз рҭаацәарақәа дрыдышшылеит.
"Аҭын чуааԥсыра рганахьала имҩаԥгоу атеракт ҳақәыӡбоит", - иҳәеит Шамба.
Москва "Крокус сити холл" идырым хҩык ауаа ахыбра иҩнахысит ахәаша хәажәкыра 22 рзы. Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура заанаҵтәи адыррақәа рыла "Крокус Сити Холл" аҟны имҩаԥгаз атеракт иахҟьаны 40-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, шәҩык ахәрақәа роуит.
Урыстәыла ашьаусԥшааратә еилакы ахҭыс азы ашьаус хацнаркит.