Урыстәыла

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра: "Крокус" атеракт аан ааха зауз рреабилитациа ҳазхиоуп

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра азхиоуп "Крокус Сити холл" аҿы атеракт аан ааха зауз рреабилитациеи ргәабзиара ашьақәыргылареи аус аҟны ацхыраара аҟаҵара иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Иара Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко дидышшылеит.
"Сгәаҵанӡа инеит гәымбылџьбарала имҩаԥгаз ишьаарҵәыроу атеррористтә акт. Гәык-ԥсык ала срыдышшылоит иҭахаз рҭаацәа, ахәрақәа зауз лассы ргәабзиара шьақәгыларц рзеиӷьасшьоит. Атеракт мҩаԥызгази еиҿызкаази ақәнага иақәшәароуп", — ҳәа ануп адышшылараҿы.
Быҭәба инаҵшьны иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра шазхиоу атеракт аҿы ааха зауз рреабилитациеи ргәабзиара ашьақәыргылареи аус аҟны ацхыраара аҟаҵара.