Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит аӡымҩангага аусура аиԥҟьара иахҟьаны

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхеит аӡымҩангага аусура аиԥҟьара иахҟьаны, абри атәы аанцаҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аӡы аанкылоуп асааҭ 22:00 рзы, иоужьхоит уаҵәы асааҭ 21:00 рзы.
Аӡы аанкылахоуп амҩақәа Беигәаа, Заречнаиа, Аԥошьҭатә, Депотәи, Астанциатә, Семерџьиев имҩа, Аланаа, Гочуа, аџьармыкьа.