Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟазаауеит хәажәкыра 25 рзы

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иҟазаауеит хәажәкыра 25 рзы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра".
Аӡыҭгагаҟны иҟалаз авариа иахҟьаны асааҭ 9:00 инаркны 20:00 рҟынӡа аӡы ҟалаӡом авокзал, Ажәытә ҳабла, ВИЕМ, Турбаза, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи.