Аԥсны

Аслан Бжьаниа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рхиҵеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рхиҵеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
атеатртә ҟазараҿы рылшамҭақәа рзы аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵоуп аԥсуа драматә театр актиорцәа Гари Џьынџьали Розита Ҭаниеи.
амузыкатә ҟазара аҿираҿы илагалазы аԥсуа драматә театр абжьы арежиссиор Ҭимыр Агрба.
аҳәынҭкарратә акамертә оркестр амузыкарҳәаҩы Леонид Гребенников.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист" ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рхиҵеит