Аԥсны

Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба инапынҵақәа шышьҭаиҵаз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Жәлар Реизара VII ааԥхьарахь алхрақәа мҩаԥысит 2022 шықәсазы. Инар Гыцба алхырҭатә ҭыԥ №1 (Аҟәа, Аҳабла ҿыц) аҟны кандидатс дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба инапынҵақәа шышьҭаиҵаз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
"Хәажәкыра 25 2024 шықәсазы Жәлар Реизара адепутат инапынҵақәа шаансыжьуа азы аӡбамҭа сыдыскылеит. Сыуаажәлар рымаҵ аура сшаҿыц саҿызаауеит", - иҳәеит иара.
Адепутат инапынҵақәа анышьҭеиҵалак ашьҭахь Алхратә комиссиа ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа алхрақәа рыҽҳәара азгәарҭоит. Алхрақәа ҩымз рыҩнуҵҟа имҩаԥгатәуп.
Жәлар Реизара VII ааԥхьарахь алхрақәа мҩаԥысит 2022 шықәсазы. Инар Гыцба алхырҭатә ҭыԥ №1 (Аҟәа, Аҳабла ҿыц) аҟны кандидатс дыҟан.