Аԥсны

Лыхнашҭатәи аҭәаҵла арҵәыра арҭоит аԥснытәии китаитәии агрономцәа

Лыхнашҭа игылоу аҭоурыхтә ҭәаҵла аԥхасҭа аҭан 2023 шықәса мшаԥымзазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Лыхнашҭатәи аҭәаҵла адацқәа арҵәыра рырҭоит аԥснытәии китаитәии агрономцәа ааԥынразы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аекологиаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
"Актәи ахәҭазы иахәҭаны иԥхьаӡаз аусқәа зегьы ҟаҵоуп. Уи аҵла иахәеит. Ҭагалан амшцәгьақәа, аҳауаҽыԥсахрақәа аԥырхагамхеит. Абӷькаԥсара акәзар, ишахәҭаз имҩаԥысит. Иахьатәи аамҭаз аҵла еиҭашьақәгыланы иаабоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа иҳәеит аҵла адацқәа рырҵәра шымҩаԥгахо Китаи иҭрыжьуа ахәшә ала.
Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла ааха аҭан мшаԥы 5 2023 шықәсазы. Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟан. Лыхнашҭатәи аҭәаҵла аԥхасҭа аҭара иалахәын ҳәа агәазҩара ззыҟоу Ираклии Даури Багаҭелиаа аанкылан мшаԥы 11 рзы.
Мшаԥы 19 рзы Китаинтәи Аԥсныҟа иааган Пекин ақыҭанхамҩатә институт аус зыднауло аҵлазы ихәарҭоу ахәшә. Аекологцәеи Аԥсны инхо китаиааи аҭәаҵла ашьапы иҷыдоу ӡшьарк ахьыршьит арзҩыдатәразы. Нас кәармала китаитәи ахәшә агәылалартә иларышьҭит, зынӡа ахәшәқәа 30 алаҵан.
Аԥсны
Аӡбарҭа Лыхнашҭа игылоу аҭәаҵла ԥызҟаз иус иахәаԥшраны иҟоуп