Аԥсны

Алеишәа змам актиор - иус бжамҽамхоит: Сырбеи Сангәлиа иҿцәажәара

Хәажәкыра 27 — Адунеизегьтәи атеатр амш. Ас еиԥш иҟоу арыцхә азын, анҵамҭа изыскырц сҭаххеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Сырбеи Сангәлиа.
Sputnik

Чагьам

Сырбеи Сангәлиа диит Чагьам аҩадахьы, уаҟа дрылгеит ԥшь-класск. Иара ишигәалашәо ала, аҵара дазыманшәалан. "Уа рхатәы доуҳатә беиарақәа рыман. Аҭагылазаашьа шыцәгьазгьы – уажәазы шәхы аџьыка ықәшәхроуп анырҳәоз, нас аԥсҭазара бзиа ҟалоит ҳәа игәыӷны рхы аџьа адырбон. Сани саби ианызбаз аахыс- атракторгьы рымаӡамызт аигәышә ԥынҵеи, аҽагеи рыла тоннак аџьықәреи аадрыхыр акәын. Ԥшь-класск санрылга Џьгьарда лбаа ашкол сҭалеит. Уа шықәсык аҵара сҵон. Аха, ашьҭахь Аҟәаҟа сиасыр акәхеит. Ихаран 8 км шьапыла саар акәын, зынӡа 16 км сныҟәон ҽнак. Саб иашьа сааиган Аҟәатәи 10 -тәи ашкол сҭеиҵеит", - иҳәоит Сырбеи Чагьамтәи аамҭазы.
Сырбеи Сангәлиа акинофильм "Аҽыхәа еиҳа еиӷьуп".

Атеатри сареи ҳшеибадырыз

Сырбеи игәалашәоит раԥхьаӡа атеатр ахь дышнанагаз. Иара иажәақәа рыла, ашкол аҟынтәи ахәыҷқәа ааганы аспектакльқәа ддырбон.
"Раԥхьаӡа избаз аспектакль "Абрыскьыл" ахьӡын, Азиз Агрба, Леуарса Касланӡиа хәмаруан. Ҽынлатәи аспектакльқәа ракәын иаҳдырбоз. Знык ианызба уамашәа исгәаԥхеит. Ашәҟәыԥхьарақәа бзиа избон, алакәқәа срыԥхьон, арҭ асценаҿы избо саналага идгьылтәым ԥсҭазаараны исыдыскыло салгеит. Абонемент ыҟан усҟан, сҩызцәа имаауаз ртәқәагьы сара исырҭон. Ҳаи шьыри, абанҭ среиԥшхандаз ҳәа сҳәо саныҟалахьаз саб иашьа 7-тәи акласс Цандрыԥшьтәи ашкол ахь сиаигеит. Ара исцәыуадаҩхеит – аурыс бызшәа цқьа исыздыруамызт, аматематика уҳәа. Алеишәа сцәыӡит. Ақалақь ҷкәынцәа амӡышәарақәа рыламзи, сара ақыҭа иааӡаз ианызба абри акәзаап иҟаҵатәу сҳәан срыланагалеит. Нас, уа Цандрыԥшь ибзиаӡаны аҵара салгеит. Адиректор Алексеи Конџьариа дыӷәӷәан. Уи аамҭазы акиноқәагьы срыхәаԥшуан, уигьы сарӷәӷәеит. ВГИК ҳҭалоит ҳәа аибыҳәара ҳалагеит сҩызцәеи сареи. Аха атеатртә институт сҭалоит ҳәа иӡбаҵәҟьаны исымамызт, уи хәыҷтәы гәаҳәаран", - игәалаиршәооит Сырбеи.
Ш. Чкадуа иҩымҭала аспектакль "Ҳауа идагәада" аԥхьарбара

Арҵаҩратә институт

1972 шықәсазы Сырбеи ашкол далганы дҭалоит Аҟәатәи апедагогикатә институт афилологиатә факультет аԥсуа, урыс бызшәақәа рзанааҭ азы. Шықәсык аҵара иҵонаҵы, Сырбеи иԥсҭазаараҿы иҟалеит крызҵазкуаз ахҭыс. Аинститут ахь инеит арежиссиор Нелли Ешбеи актиор Рушьни Џьапуеи, атеатртә институт рҭаҵаразы астудентцәа алрыԥшаарц. Абар Сырбеи уи шигәалашәо: "Саргьы ишысҭахыз сҳәан сахьнеишаз сарҳәеит. Аетиудқәа ҳдырҟаҵон, асценаҿ ацәажәара уҳәа шықәсык ҳҽазыҟаҳҵон. Аха аҭалара аамҭа анааи сара сырмышьҭӡеит. Саб иашьа иҭахымхеит, иара иреиҳәазшәа сыҟоуп иахьагьы. Срымгаӡеит сшыргәаԥхазгьы…".
Сырбеи дгьежьит аинситут ахь. Аҩбатәи акурс ашьҭахь Красноиарск астудентцәа дәықәырҵон аусуратә ԥышәазы. Сырбеи уахь ацара иҭахымызт, иҭцарагьы азҵаара аақәдыргылеит. Аха, абраҟа даҽа знык илахьынҵа атеатр ааиднагалеит. "Ақалақь салаланы сшааиуаз Нелли Ешба даасԥылеит. Иудыруама уажәы аҩбатәи агәыԥ азыҟаҳҵоит, иҳашьҭырц лҳәеит. Снеир ҟалома сҳәан, унеи лҳәеит. Сахьааиз Рома Сабуа, Ҭемраз Чамагәуа, Ира Коӷониаԥҳа итәаны аетиудқәа ҟарҵон. Дмитри Кәартаа иазыҟаиҵон урҭ. Срыхәаԥшуан. Ашьҭахь уаргьы уаанӡатәи уетиуд ҳарбеи иҳәан иҟасҵеит. Аԥсыӡкра сцарц шысҭахыз иазкын. Даара игәаԥхеит. Урыдыркылар уцома иҳәан, сцоит сҳәеит. Аинститут ахь схынҳәын сдокументқәа згеит. Апроректор Басилаиа Қарҭ атеатртә институт сҭалоит анысҳәа – Қарҭ акәзар ибзиоуп иҳәан соуишьҭит", - иҳәоит Сырбеи.
Атеатри ахымҩаԥгашьеи

Аҵареи атеатри

Аҵарашықәс алагамҭазы Сырбеи имҩа хан Қарҭтәи атеатртә институт ахь. "Ҳкурс анапхгаҩы Кукури Патариӡе иакәын, асценатә бызшәазы Малико Мревлишвил. Арҵаҩцәа дуӡӡақәа ҳаман аиашазы, иаамысҭашәан даараӡа. Уара иумазароуп, зеиԥш уаҩы имам агәаҳәара убри азанааҭ шьҭухырц азы ҳәа ҳарҳәон. Аиҳабыратәи акурсқәа рҿы аспектакль анықәҳаргыла - иреиӷьу акурс ҳәа ҳалыркааит".
Астуденттә рольқәа рыла иалагоит актиор ирҿиара. Сырбеи усҟан иихәмарыз иреиуоуп Ж. Мольер "Мчыла ихәшәтәыҩхаз" аҿы Жеронт ироль.
Астудентра акуп, атеатр ахаҭа уи аҩнуҵҟа аразҟы аиура ихазу зҵаароуп. Араҟа, аҟазара анаҩсгьы, аамҭа бзиа уақәшәароуп, арежиссиор угәаҭаны арольқәа удигалароуп. Иабанӡамариахеи уактиортә ԥсҭазаара аҵара уаналга ҳәа Сырбеи исҭаз азҵаатәы, абас аҭаҟ ҟаиҵеит: "Асовет аамҭа еилаҳаанӡа ибзиан аҭагылазаашьа. Сара адраматә жанр сықәҿион, Сарафанов ироль сыхәмарит А. Вампилов "Аԥа еиҳабы" аҟны – аинститут аҿы иқәыргылан, нас ара арепертуар иалан. Ара ҳанааи раԥхьатәи сроль Л. Шамаба ипиеса "Иареи лареи Моцарти" аҿы амузыка арҵаҩы ироль сырҭеит. Нас, Е. Шварц ипиеса "Агага" Н. Чиковани иқәыргыламҭаҿы Христиан Теодор ироль насыгӡон. Иудаҩыз рольын, сԥышәагьы азымхазар ҟалап. Анаҩс У. Шекспир "Аҳәынҭқар Лир" Дмитри Кәартаа ианықәиргылоз Освальд ироль сыхәмарит. "Агага" аҿы иара ишақәнагаз исзыҟамҵеит ҳәа агәҭыха сымоуп акәымзар, срольқәа зегьы бзиа избоит".
Асовет аамҭазы ахәаԥшцәеи атеатри реизыҟазаашьа дазааҭгыло Сырбеи иҳәоит даара ирҭахны ишнеиуаз. "Исгәалашәоит М. Мархолиа иқәиргылаз Шь. Аџьынџьал ипиеса "Апортфель шкәакәа" аныддырбоз 20 аншлаг ҳаман. Мчыла иааргомызт ауаа рхала иаауан. Иааиз рахәаԥшышьала иубон ишыргәаԥхоз. Уаҟа ахадаратә роль - акорреспондент ихаҿсахьа насыгӡон. Уи даҽа аамҭан, иахьа ауаҩы аҩны дыштәо телевизорла ииҭахыу ибоит, даҽа гьамак ҵысит уажәы".
Аԥсны
Адрамеи атеатри релементқәа аԥсуа фольклор аҿы

Аибашьреи агастроли

Аибашьра ианалагоз Сырбеи Џьгьарда дыҟан. Ихәыҷқәа уа иааныжьны Аҟәаҟа аара игәы иҭан август 14 рзы. "Уа сынхеит сара. Зегь реиԥш ашәақьқәа ҳрышьҭалеит, апозициақәа ҳкит ақыҭа иаламларц. Нас, ақыҭа иалахысуа ианалага Тҟәарчалҟа изгеит сҭаацәа. Ашьҭахь, ахәыҷқәеи аҳәсеи аналыргоз сҭаацәа вертолиотла исышьҭит, аха иахьыҟаз ҳәа адырра смоуит. Аӡын хәыҷык ианҭынчраз срышьҭаларц сыӡбеит. Усҟан Тҟәарчал аштаб аҿы дыҟан Вианор Гәарамиа, убри дсыцхраан сишьҭит. Нас, вертолиотла Черкесск снеит. Уа аштаб аҿы Мата Џьапуа дыҟан. Сҭаацәа ахьыҟаз дсыцхраан исзиԥшааит", - игәалаиршәоит Сырбеи аибашьра аамҭа. Нас, Гәдоуҭаҟа дцеит. Иашьцәа ҩыџьа иаҳәшьа уа иҟан. Дгьежьны даарц игәы ишҭаз аԥсуа корреспондентцәа зҭаз авертолиот карыжьын аара маримахеит. "Ԥыҭк сыԥшит, нас ҭынч сызтәом сҳәан Рома Аиба ибаталион салалеит. Чагьам иааӡаз абџьар ахархәашьагьы здыруан", - иҳәоит актиор.
Аҵыхәтәантәи ажәылара аныҟаз аламҭалазы Леонид Лакрба днеин Арӡынба ихьӡала сааит аколлектив шәеиза иҳәан еизыргеит. "Ҳара аиааира ҳамгар ҟалаӡом аҵыхәтәантәи ажәылараҿы, адунеи иабааит мчы ҳамамкәан акәымкәа, ҳкультурагьы аԥсы шҭоу рҳәеит. Аспектакльқәа ҩба ааиқәыршәаны шәцароуп Москвеи Питери рҳәеит. Аха адекорациа абаҟаз, афонограмма абаҟаз. Беслан Кобахьиа ицхыраарала Валери Ақаҩба Аҟәа дааны Кәыкәыри Годуаӡе иҵәахны имаз имихит. Адекорациа аҟаҵара Витали Кацәбеи сареи иҳадырҵеит. К. Гольдони "Кьоџьаа рҭыӡшәа" азы анышь ҟаҳҵеит еикәаԥсо, агаразы иманшәаланы. Аҩбатәи аспектакль Ф. Искандер "Махаз" – уи ашьаршьафқәа ракәын иамаз, уи мариан. Ақәыргылаҩ В. Ақаҩба аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥигон. Ианжәылоз аламҭалазы ҳдәықәырҵеит. Москва атеатр "на Малой бронной" ҳақәгылон. Амҩа ҳшықәыз иҳаҳаит ажәылара ишалагаз. Санкт- Петербург иҳаҳаит аиааира шаҳгаз. "Махаз" Москва ҳаныхәмар Искандер уа днеит. Равтоматқәа нышьҭаҵаны иаан аспекталкь бзиа ҳдырбеит иҳәеит. Ауаа рацәаҩын азал аҿы", - абас ихаҿы инхеит аибашьра аамҭазтәи ахҭысқәа актиор.

Аибашьра ашьҭахь

Атеатртә культура аҽаԥсахит ҳәа иԥхьаӡоит Сырбеи аибашьра ашьҭахь. "Ҳаԥасадгьыл атәым милаҭ ахаԥаны ҳара уиаҟара аԥсеивгаха анҳамамыз ахьыԥшымра ҳазгәышьуан. Аибашьра ашьҭахь аԥсеивгаха анҳау, ҳзызгәышьуа даҽакхеит. Адоуҳатә культура уи аныԥшит. Аибашьра анеилга агәыӷра ыҟанаҵы атеатр икәнаргылаз аспектакль бзиақәа ыҟан. "Гәараԥаа рписар" М. Бӷажәба (ареж.В. Ақаҩба), уаанӡа иҳамаз аспектакльқәагьы шьақәҳаргылт. Агәыӷра ыҟан ԥыҭраамҭак. 2000 шықәсазы сара сыхәмарит ароль бзиаӡа. "Аҽшьҩы" (Н. Ердман. ареж В. Ақаҩба) Семион Подсекальников ироль. Уи акалашәа сазыҟоуп, аамҭа уамашәа иақәҿнаҭуан, аамҭа блаҟьаны даҽакахьы ахы шархоз убон. Сгәы зырԥхо срольқәа ртәы сҳәозар - "Кьоџьаа рҭыӡшәа" - синиор Виченцо. "Махаз" аҿы анапыхьараџь. "Иули Цезарь" – Децци Брут. Атеатр аҿы аҟыҟҿыҟ аныҟазгьы арежиссиорцәа зегь рҿы сыхәмаруан. Ииашам анызбо еснагь саҿагылаҩуп, аха уи азыҳәан сусура ааныскылаӡом. Мадина Аргәынԥҳа лҿы "Ҳауа идагәада" (Ш. Ҷкадуа) – Кәасҭа ироль насыгӡон. Искандер "Ажьақәеи амаҭқәеи" – акрызхыҵуа амаҭ сыхәмаруан". Алхас Шамба иқәыргыламҭа "Амҳаџьыр" аҿы Рашьыҭ ироль сыхәмарит.
Аԥсны
"Ҳауа идагәада?": аԥсуа театр аԥхьарбара
Абарҭқәа рышьҭахь, Сырбеи сареи иахьатәи атетртә леишәа атема ҳазааҭгылеит, иара иажәақәа рыла, асовет амаҭа иаҿурԥшуазар акыр аҽеиҭанакит. Иазгәасҭарц сҭахуп, ҳара "Ҳауа идагәада" аҿы ҳаныхәмаруаз Сырбеи Сангәлиа аҽазыҟаҵара иагымхо, еснагь иазыҟаҵоу, зтекст ианаамҭоу изҵо иакәны дшызбаз. Абри иазкны ихшыҩҵак абас иааирԥшит:

"Атеатр рҿиара усуп, уи аҩыза аҟазшьада иауӡом. Алеишәа змам актиор - иус бжамҽамхоит. Иахьа ахәаԥшцәа ргьама аҽаԥсахзаргьы, ибзианы иқәыргылоу аспектакль аҿы еицхәыцуа актиорцәа аныҟала - ахәаԥшҩы ихала днанагоит. Аҽазыҟаҵара уҩуа уагханы уааит. Уанааиуа ухы иҭои? Сагымхандаз ауп. Иаразнак асцена унықәланы уроль уҽагәылахалара уанбахьӡо? Ус ҿырҳәала иуҵаз атекст уҳәеит ҳәа уи хаҿсахьаӡам. Иҟоуп асценахь зцәырҵра мааиц, ателефон иҭатәаны иҭахәмаруа. Рхы, ргәы, рыԥсы зегь уахь иҟоуп. Нас иааҭыԥаны ахәаԥшҩы игәаԥхо ахаҿсахьа злаҟарҵои?", - абас азҵаара ықәиргылоит актиор.

Сырбеи Сангәлиа ҳазҭагылоу аамҭазы иҿыцу ароль ҳәа акгьы аус адиулаӡом. Н. Ҳашыг иҩымҭа "Абду Ажьгьери" арадио аҿы аԥхьаразы иҽазыҟаиҵоит.
Сырбеи Сангәылеи иԥшәмаԥҳәыс Полинеи

Атеатри аҳәынҭқарреи

"Изыхҟьа сыздыруам, аха иахьа адоуҳатә культуратә хәышҭаарақәа зегьы рхылаԥшра ԥсыҽхеит. Асахьаҭыхратә галереиа абылра - доуҳатә былроуп. Акультура зегь убасшәоуп ишыҟоу. Ҳактиорцәа еиԥхьытта, анахь, архь аусура иаҿуп. Дара рацәаҩуп аха, аус зуа маҷҩуп. Шәааи аус жәу ҳәа мчылагьы аӡәгьы изадцалаӡом. Сгәы ԥжәашәа сцәажәоит, аха убригьы былраӡами? Атеатр аҿы аӡәк иеиԥш еидгыланы администрациа, арежиссиорцәа, актиорцәа рхәыцшьа еибыҭаны аус ахьыруша аҭыԥаны – еиԥхьытта хаз-хазы иҟоушәа збоит. Ҩ-гәыԥк аҿар аԥсуа театр азыҳәан аҵара дҳарҵеит Москвеи Санкт-Петербурги. Иааит, аха хҩык роуп инхаз, егьырҭ аурыс театр ахь ицеит. Урҭ рхы аџьыка ықәырхуеит уа, сара сгьама иахьынӡақәшәо уи даҽакуп. Аус руеит, русура иныҟәнгаратә иҟаҵоуп. Актиор иус дныҟәнагарц азы – ишахәҭоу иус раӡаны иҟаиҵартә еиԥш ихылаԥштәуп. Дыҟоуп иззыҟамҵогьы, машәырны инанагазгьы. Убра ҟәрышьқәак соуеит ҳәа ихәыцуа. Уигьы дгәаҭатәуп. Зус иақәнамгаӡакәа иаднагалаз ыҟазаргьы ҟалап – хыҵакырҭас атеатр змоу. Арҿиара аусаҿ унеины ухы аџьыка ықәхны аус уур, убри уныҟәнаго иҟалароуп. Аха, ауаҩы ишьҭахьҟа сҭаацәа ирҿасҵои ҳәа гәырҩатәыс ианиоу, егьа адоуҳатә беиара дашьҭаларгьы зегь дара роуп арҿиара зыҟалаӡом", - абас еиԥш иҟоу ахәыцрақәа цәыригеит Сырбеи.

Тҟәарчалтәи атеатр

Тҟәарчалтәи акомедиатә театр аҿы, Сырбеи Сангәлиа асахьаркыратә напхгаҩыс аус иуеит. Ишԥаҟоу араҟа апрофессионализм азҵаара ҳәа иоуз азҵаара, аҭак сиҭеит абас: "Акадрқәа азхаӡом. Зынӡа иазхаӡом аусуҩцәа. 14- ҩык рҟынӡа актиорцәа еидаҳкылеит аха, убарҭ зыда ԥсыхәа амаӡам ҳәа иноугаз - сагхаргьы аусура сырзамхӡом ҳәа агәаанагара роур ҟалоит. Убраҟагьы убри проблеманы иҟоуп. Еиԥшуп зехьынџьара. "Асабша ашьыбжьышьҭахь" ҳәа аспектакль саҿуп. Актиорцәа маҷҩуп, астационар ҳамаӡам. Асценагьы алашараҵәҟьа маншәалаӡам. Еиҳараӡак араионтә центрқәеи ақыҭақәеи идҳарбоит ҳаспектакльқәа. Тҟәарчал ицаны аусура уажәазы исцәыуадаҩӡам. Ара рацәак аамҭа смоуа иҟаӡам. Аҟәатәи атетар аҿы мчыбжьык ҩынтә, хынтә ауп аспектакль аныҟоу".

Акино

Сырбеи Сангәлиа атеатртә рольқәа рыдагьы имоуп акино ԥышәа. Иара дыхәмархьеит В. Аблоҭиа ифильмқәа "Анапыхьараџь" аҿы аколхоз ахантәаҩы ироль, иара убас "Аҽыхәа еиҳа еиӷьуп" аҿы – ахеиқәымшәа ироль. Ахеиқәымшәацәа ррольқәа сара исықәуп иҳәоит иара ихы дахлафаауа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы қәҿиарала Сырбеи инаигӡаз рольуп ҳҳәар ауеит И. Ҷкадуа "Апоротрет" захьӡу зметраж маҷу ифильм аҿы ароль хада. Уаҟа Сырбеи дыхәмаруеит данԥслакгьы иқәдыргыло апортрет ҿазҵарц зҭаху ироль. Арежиссиор Ҷкадуа ари ахҳәаа аҭо иҳәеит: "Сырбеи аԥсуа хаҿсахьаны дызбоит. Ас зроль зҽагәылазхало актиор аабыкьа дсымбацызт. Ажәытә школ убар иумдыруеи иаразнк" ҳәа. "Акино ибзианы сазыҟоуп. Уи даҽакала уазнеироуп, атетраҿ ишыҟоуҵо иауӡом, акино аҿы ауаҩы аԥҭазаараҿ дшыҟоу иазааигәоутәыроуп. Атеатр аҿы ахаҿсахьа еиҳа инаҵшьны ашәыгақәа ауҭоит. Акино аҿы аԥсҭазаараҿы ушцәажәо еиԥш уҽазыҟаумҵар, атеатр иеиԥшутәыр имыцхәцәахоит", - иҳәоит Сырбеи акино дазаааҭгыло.
Сырбеи Сангәлиа акинофильм "Анапыхьараџь" аҟны

Агәаҳәара

"Атеатр ԥсыцқьала аус азызуа ирымоу агәаҳәароуп исымоу - атеатр аҿы узыргәырӷьаша, ахәаԥшҩы игәы иҭнымҵәо иҟоу аспектакльқәа рыҟаҵара. Иахьа досу иааҟаиҵалак ибзиоушәа ма иара иҳәоит, ма иуа, иҭахы ахцәажәо иалагоит. Арахь ахә ишахәҭаҵәҟьо изшьо, ишрыдыркыло атәы здыруа уазҳәо дыҟаӡам. Уажәы аспектакль иҵегь аус адулатәуп ҳәа анкьа иҟаз адҵақәа ыҟаӡам. Абырҵкал икылзхуа дыҟаӡам, иқәдыргыло аспектакль ҭырмыжьӡац, ахәаԥшҩы иахь ианцәырырго арыцхәқәа шьақәдыргылоит. Агха ҟалаӡом ҳәа заа ирыԥхьаӡоит. Ус ҟалашьа амаӡам. Актиор ихәмарроума, ақәыргылашьоума, даҽакума акгьы иаԥсамзаргьы, арыцхәқәа ықәдыргылахьеит ахәаԥшҩы ианидырбо азы. Уи зынӡа ииашаӡам. Убас иахьыҟарҵо азыҳәаны, аспектакльқәагьы рхаҭабзиара илаҟәуа, илаҟәуа уажәшьҭа актиорра, арежиссиорра злымшо дарбану ҳәа ирыԥхьаӡо иалагеит. Зых иааҭашәаз, иҭаххар далаҽырбарц иҟаиҵоит, уи азыҳәан ԥынгыла ыҟам. Аҭакԥхықәра аӡәгьы инырӡом уи азыҳәан, избанзар, аҭыгылазаашьа убас иҟалеит. Атеатр ахаҭа еилыршәшәаны атәы здыруа ҳәа аӡәык ҩыџьак рыда ҳамам. Иҟами ак уҵазҳәо, урҭгьы реилацәажәара ыҟам. Ԥыхьа акультура аминистрраҿы иҟамзи акультура ахә зшьоз аколлегиа? Асахьаркыратә еилазаарагьы ыҟамзи атеатр аҿы, уажәы уигьы ыҟаӡам. Атеатртә ҟазара зхы иааҭашәаз ирылшошәа ианыҟала, ахә ладырҟәит. Арҿиара аус иаҭахуп ухы, уԥсы ахҭынҵаны аусура. Иахьа ҳтеатрқәа рҿы шамахамзар иабаҟоу уи аҩыза аҭагылазаашьа. Исҭахызар изуеит, исҭахымзар изуам ҳәа ауп ишыҟоу. Апрофессионал ззырҳәо, зус здыруа, насгьы, иааиԥмырҟьаӡакәа уи аизырҳара иашьҭоу, есымшааира уи амаӡақәа ҭызҵаауа иоуп. Убас иҟоу аусуҩцәа рыла еиқәшәазароуп атеатр. Урҭ русуразгьы иақәнагоу аҭагылазаашьагьы ыҟазароуп. Сара иахьа исцәыуадаҩуп аҳәара - иҟоу иҟаму ипрофессионалтәу атеатр? Апроофессионалтә театр аҿы, актиор инаимҩатәны аус изуӡом. Актиорра уи иԥсҭазааразароуп. Ус акәымкәа, ари сара ус баша исзанааҭуп, аха сыԥсҭазаара даҽакала ишьақәгылоуп, схы, сыԥсы даҽаџьара иҟоуп ҳәа ҟалашьа амаӡам. Аха, изауҳәода? Уалацәажәаргьы, уи уажәшьҭа идемогогиатә цәажәароушәа иҟалеит", - абас ҳаицәажәара хиркәшеит Сырбеи Сангәлиа.
Аԥсны
"Акритика здызымкыло актиор, уа дахьыҟоу даанхоит, уаҳа изҳаӡом": Даур Арухаа иҿцәажәара