Аԥсны

Аԥсны урыстәылаа лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рзы иалырхуа ахырхарҭақәа хәба ирыҵанакит

Лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа рызтәи аҭирақәа ршыкьымҭа макьаназ изаауп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 27 – Sputnik. Аԥсны урыстәылаа лаҵарамзатәи аныҳәамшқәа раан еиҳа ирҭахны иалырхуа ахырхарҭақәа хәба рахь иаҵанакит. Абри атәы аанацҳауеит амаҵзура "Слетать.ру".
Амаҵзура адыррақәа рыла, ареитинг аҿы аԥыжәара амоуп Ҭырқәтәыла, арахь иаҵанакуеит заанаҵтәи иааныркыло аҭыԥқәа зегь рҟынтәи 41%. Анаҩс ицоит Египет (14%), ЕАЕ (6%), Таиланд (5%), Аԥсны(3%).
Ҭырқәтәыла абжьаратә чек 8% ихалеит, (180,5 нызқьмааҭ ҩыџьа рзы), Египет –9% ихалеит (233,8 нызқьмааҭ), ЕАЕ – 21% ихалеит (286,8 нызқьмааҭ), Таиланд –29% ихалеит (243, 9 нызқьмааҭ), Аԥсны –10% ихалеит (58,7 нызқьмааҭ).
Аԥсны
АТОР еиқәнаршәеит аӡынтәи аԥсшьара иазхиоу Аԥснытәи асасааирҭақәа 20 рсиа