Гармелиа еиҭеиҳәеит ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" алкаара изаанартуа алшарақәа ртәы

Sputnik
Аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ифильм ахәаԥшцәа ишрыдыркылази, аӡбаҩцәа ргәаанагара дшазыҟоуи, иаиуз аԥхьахәқәа дышрызԥшымызи, насгьы иара режиссиорк иаҳасабала изаатуа алшарақәеи ртәы.
XXII Жәларбжьаратәи афестиваль "Амца адоуҳа" аҟны аԥсуа режиссиор Наур Гармелиа ифильм "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" ахьӡ ду агеит. Иааидкыланы аҭыхымҭа аԥхьахәқәа ԥшьба анашьахеит: иреиӷьу адебиуттә фильм азы, иреиӷьу амузыкатә ӡбаразы, иреиӷьу аоператортә усумҭаз, ахәаԥшцәа раԥхьахә. "Аҵыхәтәантәи ахәԥса" — арежиссиор Наур Гармелиа зметраж наӡоу раԥхьатәи ифильм ауп. Аԥсны инхо, араса аазрыхуа аурыс ҭаацәара рҭоурых атәы аҳәоит.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.