Аԥсны

Тҟәарчал араион аҿы ашәахтәқәа 210% рыла еизгоуп

Аплан инақәыршәаны ҩымз рыҩнуҵҟа абиуџьет иҭалараны иҟан 3,3 миллион мааҭ ашәахтә.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Ашықәс ҳҭалазар Тҟәарчал араион абиуџьет иҭалеит 6,9 миллион мааҭ шәахтә ҳасабла ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашәахтә инспекциа аиҳабы Владислав Аршба.
Иара иажәақәа рыла, аплантә рбагақәа 210% рыла инагӡоуп. Ари 2023 шықәсазы аасҭа 1,3 миллион рыла еиҳауп. Ашәахтәқәа ирҵаҵӷәы хадоуп – абиуџьеттә усзуҩцәа рулафахәы аҟынтәи ахашәалахәытә шәахтә.
Тҟәарчал араион аҿы абиуџьеттә еиҿкаарақәа рҿы аус руеит 850 –ҩык ҳәа иҳәеит Аршба. Аршба иажәақәа рыла, инацҵаны ашәахтәеизгара зыдҳәало актәи аамҭахҵәахаз аиҿкаарақәеи афирмақәеи руалқәа ршәоит.
Аршба иҳәеит абиуџьет еиҿызкаауа анаплакқәа араион аҿы ишыҟам, ашәахтә аиҳара аргыларатә фирма "Домстрой" , "Аҟәафон", "А-Мобайл" рҟынтәи шакәу иахьроуа.
Владислав Аршба иажәақәа рыла, ашәахтәшәаҩцәа еиҳа ҭакԥхықәрала ари аус иазнеиуа иалагеит, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра иаԥнаҵаз атехникатә база урҭ рхымҩаԥгашьа ашьклаԥшра анаҭоит.