АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Апринц Ольденбургтәи гагратәи ихан қьырала иганы убри аан хымԥада аиҭашьақәыргылараз аицәажәарақәа цоит урыстәылатәи аинвестори аԥсуа гани ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҭоурых-культуратә баҟақәа рыхьчаразы аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гарри Сангәлиа.
"Аԥсны азакәанԥҵара ишықәнаҟәо агәра ҳамгакәан аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхом. Иахьатәи аамҭазы еиқәыршәоуп дара (урыстәылатәи аинвесторцәа — азгә.) изхәыԥшраны иҟоу раԥхьатәи адокуметқәа. Раԥхьа аусурақәа аескизтә проектны иҟалоит ҳара иҭаҳҵаартә еиԥш, уи анаҩс ауп азин анраҳҭо арҽеира-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы апроект азырхиаразы", - ҳәа иҳәеит иара.
Сангәлиа иажәақәа рыла, Аԥсны апрофильтә усбарҭақәа анақәшаҳҭхалак ашьҭахь апроект хәҭа-хәҭала аусура алыршахоит.
Аԥсуа ган даҽа дҵакгьы ықәнаргылоит — апринц Ольденбургтәи ихан аҟны аекскурсиақәа рымҩаԥгараз аҭоурыхтә музеи аартра.
Апринц Александр Ольденбургтәи 1903 шықәсазы Гагра еиҿикааит аҳауашьақәгылатә станциа.
Аурыс принц ихан ргылан архитектор Григори Лиуцедарски ипроект ала.