Аԥсны

Аԥсны алашара арцәара аамҭеихша ҿыц алагалоуп мшаԥы 1 инаркны

Хәажәкыра 26 раахыс Аԥсны уахыки-ҽнаки ф-сааҭк лашарада иҟан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Афымцалашара арцәара аамҭеихша ҿыц алагалахоит мшаԥы 1 инаркны ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Уахыки-ҽнаки Аԥсны алашара аҟамзаара ф-сааҭк рҟынтәи ԥшьсааҭк ахь ииагахоит.

Хәажәкыра 26 раахыс Аԥсны уахыки-ҽнаки ф-сааҭк алашара дырцәон. "Амшынеиқәафымцамч" ишаанацҳауа ала, уи зыхҟьоз Џьуартәи аӡеизакырҭаҿ аӡы аҩаӡара амаҷхареи алашара ахархәара аизҳареи роуп.