АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара апроект иалацәажәеит атәыла ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи, Бабышьира ақыҭа ауааԥсыра рхаҭарнакцәеи, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аҳаирбаӷәаза иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра ирмазҵаакәа ирыдкылахоит ҳәа иҟоу ашәарақәа роуп аиԥылара зыдҳәалаз. Уи аан ақыҭауаа рхаҭарнакцәа аҳаирбаӷәаза аргылара ишақәшаҳаҭу азгәарҭеит.
Бадра Гәынба еизаз агәра диргеит азакәани ауааԥсыра рзинқәеи еиламгакәа аусурақәа шынагӡахо.
"Ицәырҵуа азҵаарақәа хаҭа-хаҭала ҳарзааҭгылоит, ауааԥсыра ҳарзыӡырҩуеит", - иҳәеит Гәынба.