Аԥсны

Гәылрыԥшь итәаз Ми-24 аԥрыҩцәа еиуеиԥшым аахақәа рыманы амедусҳәарҭақәа рахь инаган

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Гәылрыԥшь араион аҟны итәаз авертолиот Ми-24 аԥрыҩцәа рыхҩык еиуеиԥшым аахақәа рыманы амедусҳәарҭақәа рахь инаган, абри атәы иҳәеит арратә госпиталь аиҳабы Алиас Џьынџьал.
Аԥрҩы Георги Ԥачлиа ибӷашшара ԥҵәоуп. Иара ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп.
"Уажәазы аӡбара ҳаҿуп ииҭаху аԥҟара ара иаҳзыҟаҵо ма урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа рахь ииагара аҭаххо", - иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Аԥсуа телехәаԥшра аинтервиу анеиҭоз.
Агәыӡератәи агоспиталь аҟны аԥрыҩцәа ҩыџьа шьҭоуп. Руаӡәкгьы ибӷашшара иӡара хәҭа ԥҵәоуп ҳәа шьақәырӷәӷәоуп, иара Ареспубликатә хәышәтәырҭахь диаргоит ҳәа иҳәеит аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәа. Егьи уа агоспиталь аҟны дырхәшәтәуеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу авертолиот МИ-24 Гәылрыԥшь араион аҟны идыртәеит мшаԥымза 2 рзы. Аԥрыҩцәа Георги Ԥачлиа, Витали Коренов, Едуард Мкртчан рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам. Иҟалаз ахҭыс зыхьҟаз еилкаам.
Аԥсны
Аԥсны атәылахьчара аминистрра иатәу авертолиот дыртәеит Кациқыҭ