Аԥсны

Аҟәа араион абиуџьет ахь ареспубликатә ԥаразшәара 37 миллион мааҭ рыла иркьаҿуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аҟәа араион абиуџьет ахь ареспубликатә ԥаразшәара 37 миллион мааҭ рыла иркьаҿуп.
Адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2024 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы азакәан ахь ариашарақәа.
Аԥарақәа рзырхахоит Акапиталтә ргыларатә усбарҭа имҩаԥнаго аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Ариашарақәа АРУ аҭахрақәа рзы ареспубликатә биуџьет адефицит 100 миллион мааҭ иацнаҵоит.
Аҟәа араион абиуџьет ахь азакәан аԥсахрақәа аларгалаанӡа иазԥхьагәаҭан 98,4 миллион мааҭ аԥаразшәара.