Аԥсны

Аԥсны аибашьра аветеранцәа ахәшәқәеи амедицинатә маҭәарқәеи хәыда-ԥсада ироулоит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи Аԥсны аҵакыраҿы аибашьрақәеи І, ІІ, III агәыԥқәа ринвалидцәа аҳәынҭқарратә аԥҭекақәа рҿы арецептқәа рыла ахәшәқәеи амедицинатә маҭәарқәеи хәыда-ԥсада ироулоит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы азакәан ариашарақәа аланагалеит Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Адокумент инақәыршәаны ахәшәқәеи амедицинатә маҭәарқәеи реиқәыԥхьаӡа шьақәнарӷәӷәоит Аминистрцәа реилазаара, Асоциалтә еиқәыршәара аминистрра иҟанаҵо ажәалагалала.
Азакәан инақәыршәаны І, ІІ агәыԥқәа ринвалидцәа арецептқәа рыла ахәшәқәа хәыда-ԥсада ироуоит, III агәыԥ аинвалидцәа 50% роуп иахыршәаауаз.