Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Кәарҷелиаԥҳа аҵара процесс аиӷьтәразы ицо аусура иазкны

Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҵарашықәс иалагӡаны имҩаԥгаз аусура атәы, иарбан рҵага шәҟәқәоу зҭыжьра алыршахаз, насгьы аҵара аҩаӡара ашьҭыхразы еиҿкаау апроектқәа ртәы.
Sputnik
Ааԥынтәи аԥсшьаратә мшқәа раан имҩаԥган ареспубликатә маҭәартә олимпиада 13 маҭәар рыла. Уи иалахәыз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәан ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷелиаԥҳа.
"Есышықәса 800-ҩык рҟынӡа инаӡоит ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Уи иаанаго - аҵаҩцәа рыҽԥыршәар рҭахуп. Аҵаразы агәазыҳәара змоу шҳамоу аадыруеит. Даара иааӡоу ахәыҷқәа ҳамоуп, рдыррақәагьы бзианы иаадырԥшит", - ҳәа лҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы далацәажәеит хаҭала арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳара иазырхоу апроектқәа ртәы. Амаҭәар ҿыцла азнагашьа ҳадаҳкылароуп ҳәа азгәалҭеит Кәарҷелиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.