Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуа амшын аҭалара аамҭа аҽазыҟаҵара иазкны

Зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы АҶА агәаҭаратә маҵзура аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амшын аҭалара ааиаанӡа имҩаԥырго аусура атәы, аӡаҵаҟатәи арыцқьара анхацыркхо, насгьы аԥҟарақәа ирықәымныҟәо шахьдырхәуа.
Sputnik
Иаарласны зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аусбарҭеи, аекологиазы аилаки, араионқәа рхадацәеи еилацәажәараны иҟоуп аӡҭалара аамҭа анхацыркхо азыԥҵәаразы, насгьы амшын аԥшаҳәа уи аамҭанӡа азыҟаҵаразы.
Амшын аԥшаҳәақәа арендала измоу ирыҭахоит ашәҟәы, уаҟа иарбоуп аӡҭалара иацу ашәарҭадаразы аԥҟарақәа зегьы. Сабуа еиҭеиҳәеит урҭ аԥҟарақәа рахь иаҵанакуа, араионқәа рнапхгаҩцәеи дареи аус шеицыруа, насгьы ахараԥсақәа аҭагылазаашьа анырра шарҭо атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.