Аԥсны

Ажьырныҳәамза инаркны Аԥсны атауареикәшара 10 миллиард мааҭ еизҳаит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Аԥсны 2024 шықәса актәи аԥшьбарак азы атауареикәшара 10,47 миллиард мааҭ артәеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы.
Арҭ аԥарақәа рҟынтәи 8,59 миллиард мааҭ аимпорт иаҵанакуеит, аекспорт – 1,88 миллиард мааҭ.
2023 шықәсазы ари аамҭа иаҿырԥшны аимпорт 1,3 миллиард мааҭ рыла еиҳауп, аекспорт акәзар сынтәа 61 миллион мааҭ рыла еиҵахеит.
Ари мзызс иаиуит ацитрусқәа, арыжәтә, абнамаҭәахә, зыхә дуум аметаллқәа атәыла ралгара амҽхак аиҵатәра.
Аԥсны
2023 шықәсазы Аԥсны ахәаахәҭратә еикәыршара 23% рыла ишьҭыҵит