Аԥсны

Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит

Аслан Бжьаниа диит мшаԥы 6 1963 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Урыстәыла ирдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи астратегиатә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәаразы иҟашәҵо аусқәа ртәы Сақәгәыӷуеит ҳусеицура иацҵахап ҳәа", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.
Урыстәыла ахада аԥснытәи иколлега изеиӷьеишьеит агәабзиара ӷәӷәа, ақәҿиарақәа, аҳәынҭқарратә ус аҟны аихьӡарақәа.
Иара убас Аслан Бжьаниа иирамш идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев.
"Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны аҳәынҭқарреи реиҩызара, русеицура, реибабара арӷәӷәареи арҿиареи иацҵахап ҳәа сгәыӷуеит", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.
Гаглоев Бжьаниа иԥсадгьыли ижәлари рымаҵ аураҿы амчи алшареи изеиӷьеишьеит.
Аԥсны ахада иирамш идырныҳәалеит Жәлар реизара ахада Лаша Ашәба, Шьамтәыла ахада Башар аль-Асад, Урыстәыла аиҳабыра ахада Михаил Мишустин, Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко, Аԥсны иҟоу Урыстәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Михаил Шургалини Олег Боциеви, рыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Николаи Патрушев, Башкортосҭани Ҟабарда-Балкариеи рхадацәа.