Аԥсны

Аԥсны аибашьра аинвалидцәа хәыда-ԥсада ахәшәқәа роулоит

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра I, II, III агәыԥ аинвалидцәа арецептқәа рыла ахәшәқәеи амедицинатә аалыҵқәеи хәыда-ԥсада ироулоит аҳәынҭқарратә аԥҭекақәа рҟны. Азакәан ас еиԥш ариашарақәа аларгалеит Апарламент аҿы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Аԥсны аибашьра аинвалидцәа 2215- ҩык ахәшәқәеи амедицинатә маҭәарқәеи хәыда-ԥсада ироулоит ҳәа иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Ашәуа иажәақәа рыла, уаанӡатәи азакәан инақәыршәаны І, ІІ агәыԥқәа ринвалидцәа арецептқәа рыла ахәшәқәа хәыда-ԥсада ироуоит, III агәыԥ аинвалидцәа ахәԥса 50% роуп иахыршәаауа.
Уажәшьҭарнахыс, III агәыԥ аинвалидцәагьы ахәшәқәа хәыда-ԥсада ирзоужьхоит.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит афонд абиуџьет 224 миллион мааҭ шыҟоу, арҭ ахыдҵақәа рынагӡаразы аԥарақәа шрызхо.