Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра I, II, III агәыԥ аинвалидцәа арецептқәа рыла ахәшәқәеи амедицинатә аалыҵқәеи хәыда-ԥсада ироулоит аҳәынҭқарратә аԥҭекақәа рҟны. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы азакәан ас еиԥш ариашарақәа аларгалеит Апарламент аҿы. Ахәшәқәеи амедицинатә аалыҵқәеи рсиа Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәоит Асоциалтә еиқәыршәаразы аминистрра адгаларала. Азакәан иалагалоу арҽеирақәа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аусура ишаныԥшуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа.
Ахԥатәи агәыԥ иаҵанакуаз аибашьра аинвалид ахәшә игозҭгьы уи аԥхьа ахә абжа иара ишәар акәын, егьи абжа афонд ихнышәаауан, иҳәеит Ашәуа.
"Ари ҳара ҳусгьы арманшәаломызт, дара аинвалидцәагьы аргәаҟуан. Аинвалид дызҵазкуа агәыԥзаалакгьы ицәыцәгьоуп ахәшә аахәара, убри аҟынтә азакәан аԥсахрақәа алагаланы ирыдыркылеит. Ахԥатәи агәыԥ иаҵанакуа аибашьра аинвалидцәа 90-ҩык роуп иҟоу", - иҳәеит Ашәуа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.