Аԥсны

Гагра, Мамзышьха ашьха аԥшырҭатә ҭыԥ иаҿҟьаз урыстәылауаҩԥҳәыс дҭахеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Гагра, Мамзышьха ашьха аԥшырҭатә ҭыԥ иаҿҟьаз урыстәылауаҩԥҳәыс дҭахеит.
40 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс ӷәӷәала ахәрақәа лоуит. Аиқәырхаҩцәа ахәшәтәырҭахь днаргеит, уаҟа лыԥсҭазаара далҵит, абри атәы "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Гагра араион АҶА аҟәша аиҳабы Давид Бганба.
Иазгәаҭоуп амашәыр ҟалеит ҳәа АҶА ахь адырра шыҟалаз асааҭ 12:13 рзы.