Аԥсны

Гагра мшаԥымза аԥсшьараз еиҳа иалырхуа ахырхарҭақәа ирхыԥхьаӡалоуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Гагра мшаԥымза аԥсшьараз феида злоу ахархарҭақәа жәаба ирылыркаауа ахаԥхьаӡараҿ иҟоуп ҳәа аанацҳауеит ТВИЛ.РУ.
Асасааирҭақәеи ауадақәеи заанаҵы раанкылара урыстәылатәи амаҵзура иалнакааит 2024 шықәса мшаԥымзазы иаҳа ахәқәа ахьмаҷу ахырхарҭақәа.
Раԥхьатәи аҭыԥ аҟны игылоуп Адлер, уаҟа уахыктәи аангылара бжьаратәла 2029 мааҭ иаԥсоуп. Аҩбатәи аҭыԥ аҟны иҟоуп Еиск, ахԥатәи — ҟрымтәи акурорт Евпаториа.
Гагра зегь раасҭа зыхә цәгьоу хырхарҭахеит. Бжьаратәла уахыктәи аангылара 2523 мааҭ иаԥсоуп.