Аԥсны

Аԥсни Ҟрыми аусеицуразы акомиссиа ахәбатәи аилатәара аатит Аҟәа

Аԥсни Ҟрыми аиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара мҩаԥган 2018 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 9 – Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаареи Ҟрым Аминистрцәа реилазаареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә усеицуразы еицырзеиԥшу акомиссиа ахәбатәи аилатәара аатит Аҟәа.
Аԥсны аиҳабыра рхада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит ареспубликақәа рыбжьара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура шымҩаԥысуа. Асасцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, арегион аҟны аҭагылазаашьа шымариамгьы иахьааз.
Ҟрым аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Георги Мурадов инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспубликақәа реизыҟазаашьа аԥеиԥш бзиа аманы дшахәаԥшуа.
2016 шықәсазы Аԥсни Ҟрыми рнапы аҵарҩит ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, агуманитартә усеицуразы аиқәшаҳаҭра. Есхышықәса аганқәа рнапы аҵарыҩуеит Ауснагӡатәқәа рпрограмма. Аиҳабырабжьаратә комиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥган 2018 шықәсазы.