Аԥсны

Аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Аҟәа ирԥшааит амаининг-ферма

Ашықәс иалагазар Аҳазалхратә еилакы амаҵзурауаа 372 аппарати урҭ реиқәыршәагақәа 56 ықәыргахьеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥымза 10 – Sputnik. 75 хархәагақәа рыла ишьақәгылаз амаининг-ферма аадырԥшит Аҟәа ҳәа аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Амаининг азы ахархәагақәа ықәгылан Аԥсны атәылауаҩ В. Габуниа иҩны алаӷәраҿ.
Заанаҵтәи ахәшьарала, ахархәагақәа рзеиԥш ахәԥса 2,3 миллион мааҭ итәоит, афымцамчхархәара — 250 кВт⋅с.
Ашықәс иалагазар Аҳазылхратә еилак амаҵзурауаа 372 аппарати урҭ реиқәыршәагақәа 56 ықәыргахьеит.