Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Ураза-баирам рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥымза 10 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Ураза-баирам рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит ареспублика ажәлар жәытә-натә аахыс адинхаҵарақәа зегьы ҳаҭырла ишырзыҟаз, еиуеиԥшым аконфессиақәа рхаҭарнакцәа еимабзиарыла ишынхоз.
"Иахьа Аԥсны иҟоу аԥсылман уаԥшь ҳтәыла аԥсҭазаараҿы аҭыԥ ду ннакылоит, адоуҳатә беиарақәа реиқәырхареи раларҵәареи рҿы рлагала дууп", — аҳәоит адныҳәалараҟны.
Бжьаниа ареспубликаҿ инхо аԥсылманцәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуааи ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, агәабзиара, аманшәалара.