Аԥсылманцәа иахьа иазгәарҭоит амза ԥшьа Рамадан (Аурычра) хзыркәшо аныҳәа - Ураза-баирам. Ари аҽны иаԥыххоит ачгара аамҭазы изықәныҟәоз аԥкрақәа. Хәажәкыра 10 -11 руха амзаҿа ангыла инаркны амсылманцәа аурычуан мызкы. Иахьа аныҳәа аҽны Аллаҳ иаҭабуеит илаԥшхаа ахьрыгимыжьуа азы.
"Ныҳәа дуӡӡоуп ҳәа иԥхьаӡоуп амсылман жәлар рҟны, избанзар абри амза Рамадан азы ауп Ҳазшаз иԥҟарақәа Аҟәырҟан ала амаалықь Џьабраил ила аԥааимбар Моҳамад иҟны инаганы, нас ажәлар Моҳамед ирылеиҳәеит аԥҟарақәа. Аҟәырҟан анааишьҭыз амзазы иаҳа ирацәаны убри аҭҵаара, аԥхьара, ачҳара, агәыразра аарԥшра аҭахуп. Насгьы Ҳазшаз идура, ирыцҳашьара ҳара ауаа ҳахь иааирԥшуа ҳазхәыцны, ауаа шәеизыҟазаашьа шыҟалаша ҳәа иҳаиҳәаз ақәныҟәара, арыцҳашьара агәыблыра ацҵаны иаҳа аарԥшра ҵакыс иамоуп абри амза егьырҭ амшқәа раасҭа. Убри азы аурычрагьы иара иацуп", - иҳәеит Џьуӷьелиа.
Иара иажәақәа рыла, амза Рамадан цонаҵы есыуаха Аҟәатәи аџьаамаҿы 150-200 ҩык ирызхаша фатәыла аишәақәа дырхион иурычуа рзы. Џьуӷьелиа иазгәеиҭеит Аурычра амза иаҳа ишахәҭоу адин уазыҟанаҵоит ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны