https://sputnik-abkhazia.info/20240410/uelia-aurychra-amzazy-amsylman-din-ishanagou-inyugart-uazyanaoit-1050726565.html
Џьуӷьелиа Аурычра амзазы: амсылман дин ишақәнагоу иныҟәугартә уазыҟанаҵоит
Џьуӷьелиа Аурычра амзазы: амсылман дин ишақәнагоу иныҟәугартә уазыҟанаҵоит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьуӷьелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ураза-баирам амсылман дин ныҟәазго рышҽазыҟарҵоз... 10.04.2024, Sputnik Аҧсны
2024-04-10T15:46+0300
2024-04-10T15:46+0300
2024-04-10T15:46+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/0a/1050726714_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_9439152f847da76b2b2b8e34e58d005d.jpg
Џьуӷьелиа Аурычра амзазы: амсылман дин ишақәнагоу иныҟәугартә уазыҟанаҵоит
Sputnik Аҧсны
Џьуӷьелиа Аурычра амзазы: амсылман дин ишақәнагоу иныҟәугартә уазыҟанаҵоит
Аԥсылманцәа иахьа иазгәарҭоит амза ԥшьа Рамадан (Аурычра) хзыркәшо аныҳәа - Ураза-баирам. Ари аҽны иаԥыххоит ачгара аамҭазы изықәныҟәоз аԥкрақәа. Хәажәкыра 10 -11 руха амзаҿа ангыла инаркны амсылманцәа аурычуан мызкы. Иахьа аныҳәа аҽны Аллаҳ иаҭабуеит илаԥшхаа ахьрыгимыжьуа азы."Ныҳәа дуӡӡоуп ҳәа иԥхьаӡоуп амсылман жәлар рҟны, избанзар абри амза Рамадан азы ауп Ҳазшаз иԥҟарақәа Аҟәырҟан ала амаалықь Џьабраил ила аԥааимбар Моҳамад иҟны инаганы, нас ажәлар Моҳамед ирылеиҳәеит аԥҟарақәа. Аҟәырҟан анааишьҭыз амзазы иаҳа ирацәаны убри аҭҵаара, аԥхьара, ачҳара, агәыразра аарԥшра аҭахуп. Насгьы Ҳазшаз идура, ирыцҳашьара ҳара ауаа ҳахь иааирԥшуа ҳазхәыцны, ауаа шәеизыҟазаашьа шыҟалаша ҳәа иҳаиҳәаз ақәныҟәара, арыцҳашьара агәыблыра ацҵаны иаҳа аарԥшра ҵакыс иамоуп абри амза егьырҭ амшқәа раасҭа. Убри азы аурычрагьы иара иацуп", - иҳәеит Џьуӷьелиа.Иара иажәақәа рыла, амза Рамадан цонаҵы есыуаха Аҟәатәи аџьаамаҿы 150-200 ҩык ирызхаша фатәыла аишәақәа дырхион иурычуа рзы. Џьуӷьелиа иазгәеиҭеит Аурычра амза иаҳа ишахәҭоу адин уазыҟанаҵоит ҳәа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2024
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/04/0a/1050726714_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_1f5c16740aaf752ea05dc1eef5318f66.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Џьуӷьелиа Аурычра амзазы: амсылман дин ишақәнагоу иныҟәугартә уазыҟанаҵоит
Аԥсны аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Абдураҳман Џьуӷьелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ураза-баирам амсылман дин ныҟәазго рышҽазыҟарҵоз, аҵакы хада атәы.
Аԥсылманцәа иахьа иазгәарҭоит амза ԥшьа Рамадан (Аурычра) хзыркәшо аныҳәа - Ураза-баирам. Ари аҽны иаԥыххоит ачгара аамҭазы изықәныҟәоз аԥкрақәа. Хәажәкыра 10 -11 руха амзаҿа ангыла инаркны амсылманцәа аурычуан мызкы. Иахьа аныҳәа аҽны Аллаҳ иаҭабуеит илаԥшхаа ахьрыгимыжьуа азы.
"Ныҳәа дуӡӡоуп ҳәа иԥхьаӡоуп амсылман жәлар рҟны, избанзар абри амза Рамадан азы ауп Ҳазшаз иԥҟарақәа Аҟәырҟан ала амаалықь Џьабраил ила аԥааимбар Моҳамад иҟны инаганы, нас ажәлар Моҳамед ирылеиҳәеит аԥҟарақәа. Аҟәырҟан анааишьҭыз амзазы иаҳа ирацәаны убри аҭҵаара, аԥхьара, ачҳара, агәыразра аарԥшра аҭахуп. Насгьы Ҳазшаз идура, ирыцҳашьара ҳара ауаа ҳахь иааирԥшуа ҳазхәыцны, ауаа шәеизыҟазаашьа шыҟалаша ҳәа иҳаиҳәаз ақәныҟәара, арыцҳашьара агәыблыра ацҵаны иаҳа аарԥшра ҵакыс иамоуп абри амза егьырҭ амшқәа раасҭа. Убри азы аурычрагьы иара иацуп", - иҳәеит Џьуӷьелиа.
Иара иажәақәа рыла, амза Рамадан цонаҵы есыуаха Аҟәатәи аџьаамаҿы 150-200 ҩык ирызхаша фатәыла аишәақәа дырхион иурычуа рзы. Џьуӷьелиа иазгәеиҭеит Аурычра амза иаҳа ишахәҭоу адин уазыҟанаҵоит ҳәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны