Аԥсны

Роберт Кьиути УАҩАР Аусеилкаара-акриминалистикатә центр аиҳабы Вадим Казьмини еиԥылеит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиути Урыстәыла АҩАР Аусеилкаара-акриминалистикатә центр аиҳабы Вадим Казьмини еиԥылеит.
Урыстәыла АҩАР ААЦ аделегациа аҭааит аԥсуа Аусеилкаара-акриминалистикатә центр. Дара аҭааит ахысратәии, анацәашьҭахыхратәии, абаллистикатәии руада.
Аԥсни Урыстәылеи Аусеилкаара-акриминалистикатә центр анапхгаҩцәа Руслан Дбари Вадим Казьмини русеицура арҭбааразы иҟаҵатәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.