Аԥсны

Аԥсны ашәахтә усбарҭа аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра иазкыз аиԥылара мҩаԥысит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥымза 12 – Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны ашәахтә усбарҭа аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра иазкыз аиԥылара.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба. ⠀
"Ииасыз ашықәсқәа рыҩнуҵҟа шәара зыхәшьара ҳараку алагала ду ҟашәҵеит ҳтәыла ашьақәгылареи аекономикатә шәарҭадара аиҿкаареи рзы. Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараз иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы шәара ламысцқьала шәнапынҵақәа нашәыгӡон, абиуџьет хашәырҭәаауан, асоциалтә программақәа рԥаразоужьра алшәыршон", – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Атәыла ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба
Атәыла ахада аусбарҭа аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара, азанааҭтә еихьӡара ҳаракы.
Мшаԥы 14, 1994 шықәсазы Владислав Арӡынба ақәҵара инапы аҵеиҩит Аԥсны ашәахтә маҵзура ашьақәгыларазы. 2002 шықәса ԥхынҷкәынымзазы атәыла ахада иусԥҟала Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура еиҭакуп Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ҳәа.
Аԥсны ашәахтә усбарҭа аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра иазкыз аиԥылара