Аԥсны

Какачиаԥҳаи Ҭаниеи еиҭарҳәеит аҿар рыбжьара амилаҭтә спортхкқәа азҿлымҳара ахьынӡарымоу

Sputnik
Мшаԥы 11 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥысыз ахыц ала ахысразы аицлабра иалахәын астудентцәа реиԥш арҵаҩцәагьы.
Sputnik арадиостудиаҟны ААУ астудентцәа Асмаҭ Какачиаԥҳаи Даниил Ҭаниеи еиҭарҳәеит аҿар рыбжьара амилаҭтә спортхкқәа азҿлымҳара ахьынӡарымоуи, ахыц ала ахысра егьырҭ реиҳа изалыркаауеи, ирнаҭо аԥышәеи ртәы.
Шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭаҟны.