Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аибашьцәа урыстәылатәи аруаа рыҽрырҭеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Украинатәи арбџьармчқәа 25-тәи хаз игоу аҳаир-десанттә бригада иатәу аруаа жәҩык аурысқәа рыҽрырҭеит Авдеевтәи ахырхарҭаҿы Водианое араион аҿы.
Дара Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абџьар шьҭазҵар зҭаху украинатәи аруаа ирзалырхыз хазы игоу арадиоеимадара аканал рхы иадырхәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Украинатәи аруаа ирҳәеит дара рнапхгаҩцәа ажәыларақәа рплан бааԥсны ишьақәдыргылоит, УАМ аруаа атехникеи рыла ацәыӡқәа рацәаны ироуеит, аибашьцәагьы ашәарақәа рызцәырҵуеит.