Урыстәыла

Захарова аҳәамҭа ҟалҵеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽаџьара ииагазарц шырҭаху Урыстәыла

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽа тәылак ахь риагаразы азҵаара ықәнаргылоит Урыстәыла.
Швеицариа агәрагара ҳцәыӡит жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рҿы бжьаҟазак аҳасабала ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова.
Аиҿцәажәарақәа мҩаҧысыр ахьауа аҭыҧ азы акык-ҩбак акандидатқәа ыҟоуп. Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи ари азҵааразы Москва ргәаанагара рыцеиҩыршоит.