Аԥсны

Аԥсны апрокуратура хада 30 шықәса ахыҵит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Мшаԥы 15 азы Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа 30 шықәса рхыҵит. Аиубилеитә уснагӡатә мҩаԥысит Аминистрцәа реилазаараҟны.
Ауснагӡатә ихы алаирхәит атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Иара апрокуратуратә усбарҭақәа русзуҩцәа риубилеитә рыцхә рыдиныҳәалеит, ареспублика ажәлар рыхьӡала апрокуратура аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿ рлагала ду азы.
Урыстәыла апрокурор хада Игор Краснов ихьӡала иколлегацәа дрыдныҳәалеит Сергеи Григоренко.
"Иазысыԥхьаӡоит ҩ-ганктәи аусеицура ԥхьаҟагьы ацҵара, аизырҳара хымԥадоуп ҳәа, ҳаиашьаратә жәларқәа реизҳазыӷьаразы азеиԥш ҭоурых традициақәа ырҭбаалатәуп ҳәа" азгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Апрокуратура хада аԥҵан мшаԥымза 15 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу ахеилак аиҳабы Владислав Арӡынба иқәҵарала.