Аԥсны

Акосмонавтика амш азгәарҭеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҟны

Авиациеи акосмонавтики рымш азгәарҭоит мшаԥымза 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Акосмонавтика амш азгәарҭеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҟны.
Акосмостә нџьныр Андреи Афанасиев мшаԥымза 15 рзы афизика-математикатә факультет астудентцәа рзы акосмос ахь раԥхьатәи аԥырра шыҟалаз атемала алекциа даԥхьеит.
1 / 3

Акосмонавтика амш азгәарҭеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҟны

2 / 3

Акосмонавтика амш азгәарҭеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҟны

3 / 3

Акосмонавтика амш азгәарҭеит Аҟәа иҟоу Москва Аҩны аҟны

Мшаԥымза 16 рзы Москва Аҩны аҭааит Комаров ихьӡ зху афбатәи абжьаратә школ. Аҭҵаарадырратә журналист Наталиа Лескова "Акосмоси ҳареи" алекциа дырзаԥхьеит. Ашколхәыҷқәа Иури Гагарин изкыз афотоцәыргақәҵа иаҭаиит.
Ауснагӡатә еиҿыркааит Москва Аиҳабыра, адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа рзы Москва адепартамент, Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны".
Урыстәыла Жәларбжьаратәи акосмостә станциаҟынтә иқәҵуеит