Аԥсны

Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәқәа рӡыргара мҩаԥысит Санкт-Петербург

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААУ апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәқәа рӡыргара мҩаԥысит Санкт-Петербург.
Урыстәылатәи амилаҭтә библиотекаҿы апублицист аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа иҭыҵыз лышәҟәқәа 12 ӡырылгеит.
Аиԥылара иалахәын ААУ астудентцәа, Санкт-Петербург инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа.
Еизаз иара убасгьы идырбан атележурналист Екатерина Бебиаԥҳа лдокументалтә фильмқәа рцыԥҵәахақәа.