Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Киевтәи аполициа мчыла арратә комиссариат ахь инаргаз рхыԥхьаӡара атәы рҳәеит

Sputnik
МОСКВА, мшаԥы 16 - РИА Новости. Киев иҟоу Амилаҭтә полициа аусбарҭа хада амаҵзура УНН иазеиҭанаҳәеит ашықәс иалагазар иара амаҵзурауаа мчыла ақалақьтә комиссариат ахь зықьҩык инареиҳаны аррамаҵзура иахысраны издыз шнаргахьоу.

"2024 шықәса ҳҭалазар Киев амилаҭтә полициа Киевтәи ақалақьтә ҵакыратә центр ахь 1 108-ҩык аррамаҵзура ахысра зыхәҭаз наргахьеит", - ҳәа аполициа аиҳабыра рахь инашьҭыз азыҳәа аҭак аанагоит амаҵзура УНН.

Иазгәаҭоуп арратә комиссариат аполициахь азыҳәа шынанашьҭыз амобилизациа зҽацәызыхьчо 3439 тәылауаа административтә ҭакԥхықәра рақәыршәаразы иахьыҟоу шьақәыргыланы адырра рнаҭарц. Уи адагьы амаҵзура адыррала мшаԥы 1 аҟынӡа Киев арратә комиссариатқәа рҟны 1306 административтә ԥкаанҵа еиҿыркаахьеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аибашьрахь зцара ԥку ҳәа иԥхьаӡо украинаа аиҭакомиссиа иахрыжьуеит