Аԥсны

Мшаԥы 5 рзы Аҟәа амцакраан аблырсҭа рацәа зауз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Мшаԥы 5 рзы Аҟәа амцакраан аблырсҭа рацәа зауз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Егьырҭ аҭаацәара алахәылацәа рҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп.
Аҟәа, Арӡынба имҩа, аҩны 143 аҟны мшаԥы 5 рзы абылра ҟалеит. Ааха зауз Краснодартәи аблырсҭатә хәышәтәырҭа иҭан.